Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа рулафахәқәеи ртәанчахәқәеи ӡыргоуп

2018 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжазы адепутат бжьаратәлатәи иулафахәы ишьақәнартәоит 338 нызқь мааҭ ашәахтәшәара ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа рулафахәқәеи ртәанчахәқәеи официалла иӡыргоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Апарламентарицәа ртәанчахәы ацҵаԥса еиҿкаауп "аԥаратә гәазыҟаҵара" иаҿырԥшны 2018 шықәсазы иара иартәоит 84 774 мааҭ.

Хәышықәса инаркны жәашықәсанӡа аус зуз адепутатцәа ацҵаԥса роуеит агәазыҟаҵараҟынтә 55% артәо, мамзаргьы 46 000 мааҭ еиҵамкәа. Жәашықәса инареиҳаны Адумаҿ аус зуз рыцҵаԥса 75% артәоит, ма 63 000 мааҭ еиҵамкәа.

Ҵаҟатәи апалата аиҳабы Виачеслава Володин иҳәеит асеиԥш аӡбра заднакылаз:

"Еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа рҿы ирҭаху рхәыцуеит. Иҟам-ианым цәырыргоит, адепутатцәа рулафахәи ртәанчахәи рганахь ала", — ҳәа.

2018 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжазы адепутат бжьаратәлатәи иулафахәы ишьақәнартәоит 338 нызқь мааҭ ашәахтәшәара ашьҭахь.