Евроеидгыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирыцнаҵоит

Рашәара 28-29 рзы Бриуссель имҩаԥысуаз Евроеидгыла асаммит аҿы ирыдкылан аӡбра Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирыцҵазарц азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6— Sputnik. Рашәара28-29 рзы Бриуссель имҩаԥысуаз Евроеидгыла асаммит аҿы ирыдкылан аӡбра Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа 2019 шықәса ажьырныҳәа 31 рҟынӡа ирыцҵазарц азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Франциа апрезидент Еммануель Макрони ФРГ аканцлер Ангела Меркели Европатәи Ахеилак аҿы (рашәара 28-29 2018ш.) азы минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьазы иҟарҵаз ажәахәқәа рышьҭахь", — ҳәа аҳәоит Ахеилак адырраҭараҿы.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа уадаҩхеит Ҟрыми Украинеи рҟны ахҭысқәа инарыдҳәаланы. Мраҭашәара Урыстәыла аекономикатә санкциақәа адҟанаҵалеит, уи аҭакс Урыстәылагьы иахәҭаны иабоз ашьаҿақәа ҟанаҵеит.