Ҩ-миллинҩык рҟынӡа Ҟрымтәи ацҳа иқәсхьеит

Урыстәыла иахьаҵанакуа реиҳа иауу ацҳа, Ҟрымтәи ацҳа, ахҵара иара иазоужьыз аамҭа иаԥыганы ихыркәшан лаҵара 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik. Ҩ-миллинҩык рҟынӡа Ҟрымтәи ацҳа иқәсхьеит уиижьҭеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости акурортқәеи атуризми рзы Ҟрымтәи апарламент аилак аиҳабы Алексеи Черниак иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иара ишиҳәо ала лаҵарамза инаркны ацҳа иқәсхьеит 625 000 автотранспорт, урҭ рҟынтәи 6,5 нызқь автобус.

Урыстәыла иахьаҵанакуа реиҳа иауу ацҳа, Ҟрымтәи ацҳа, ахҵара иара иазоужьыз аамҭа иаԥыганы ихыркәшан лаҵара 16 рзы.

Лаҵара 15 рзы ацҳа ҿыц раԥхьа ақәсра ааиртит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.