АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Таиланд аҩадатәи аган аҿы аҳаԥы Тхам Луанг иҭахаз 12-ҩык ашколхәыҷқәеи ашьапылампыл азы разыҟаҵаҩи реиқәырхараз аоперациа иалагеит, уажәтәи аамҭазы ԥшьҩык аҳаԥы иҭыгоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости телеканал Thai PBS адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Урҭ уажәы ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.
Аҳаԥаҿы иҷаԥшьо аҳақьымцәа ишырҳәо ала ахәыҷқәа ргәы каҳаны иҟам, урҭ рыҩныҟақәа рахь ишыгьыжьуа агәра ргоит.
Аҳаԥы Тхам Луанг аҿаԥхьа игылоуп 13 цхыраара-ласы.
Арыцҳара ҟалеит рашәара 23 рзы. Аҳаԥы Тхам Луанг иҭалаз ахәыҷқәеи разыҟаҵаҩи иаалырҟьан аӡы ахьышьҭыҵыз иахҟьаны аҳаԥы ихәыҵахеит. Дара рыԥсы ҭоуп аха рымчқәа маҷуп.