Британиа аҽазныкгьы Урыстәыла аҽыԥныҳәа анаҭоит

Ииасыз амҽышазы Еимсбери ахәышәтәырҭа иҭашәаз ҩыџьа ауаа рҟынтәи аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. Британиа атәылахьчара аминистр Гевин Уилиамсон Москва ахара ахареиҵеит иԥсыз аԥҳәыс анерв-паралитикатә шҳам лцәа алалара зыбзоуроу урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа роуп ҳәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости амаҵзура Reuters адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Урыстәыла ҳадгьыл аҟны ақәылара мҩаԥнагеит. Уи иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит ҳтәылауаҩ", — иҳәеит аминистр Апарламент аҟны иқәгылараан.

Еимсбери ахәышәтәырҭахь инагаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

Англиатәи ахәшәтәырҭахь инаргаз аԥҳәыс Даррингтон инхоз, 44-шықәса зхыҵуа Дон Стерджесс лыԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 8 рзы. Егьи, Чарли Роули макьаназ иҭагылазаашьа уадаҩны иҟоуп.

Уаанӡа, Скотланд-Иарда ахада Нил Басу аҳәамҭа ҟаиҵахьан:

"Аԥхьатәи агәаанагарала ахаҵеи аԥҳәыси ирныруаз агероин ма акокаин роуп ҳәа ишьан. Аха иҟаҵаз анализқәа рышьҭахь иахәаҭны иԥхьаӡан ашҳам ашьақәырӷәӷәара шаҭаху. Имҩаԥгаз аусурақәа рышьҭахь ишьақәҳаргылеит ахаҵеи аԥҳәыси уаанӡа Солсбери ақалақь аҿы ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ирыҭаз ашҳам "Новичок" рцәа ишалоу", — ҳәа.

Басу иажәақәа рыла ашьақәыргылара аҭахны иҟан Солсберии Еимсберии рыхҭысқәа аимадара рымоуи ирымами.

Аусҭҵаара напалакын. Иара иадыԥхьалан 12 ҟәша ҷыда.