Британиа агәабзиарахьчара аминистр адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп

Уаанӡатәи Британиа агәабзиарахьчара аминистр Джереми Хант адәныҟатәи аусқәа рминистр Борис Джонсон ицынхәрас дҟаҵоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 10— Sputnik. Уаанӡатәи Британиа агәабзиарахьчара аминистр Джереми Хант адәныҟатәи аусқәа рминистр Борис Джонсон ицынхәрас дҟаҵоуп. Борис Джонсон ԥхьатәара дцеит Brexit аганахь ала аимак-аиҿак ирхырҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Джонсон "Brexit" хышәа-ҵышәа ҭбаала амҩаԥгара дадгылаҩын. Иара игәаанагарала Лондон Бриуссель аганахь ала ахы ԥсыҽны имҩаԥнагоит.

Агәабзиарахьчара аминистр ҿыцс дҟаҵоуп Метт Хенкок.

Джереми Ханту 51 шықәса ихыҵуеит. Иара Тереза Меи илҳәо дадгылаҩуп.