Ердоган Ҭырқәтәыла Ахада иҳасаб ала иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит

Реџьеп Таип Ердоган Ҭырқәтәыла Ахада иҳасаб ала иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит ашәахьа, ԥхынгәы 9 рзы атәыла Апарламент аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. Атәыла Ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа иалахәыз ршьапы иқәгыланы ирыдыркылеит. Абри ашьҭахь азал иҩныҩуан ҭырқәтәылатәи ареспублика агимн.

Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Таип Ердоган алхрақәа рҟны бжьеиҳала аиааира игеит

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа анхыркәшаха ашьҭахь традициала ишаԥу еиԥш Ердоган Ҭырқәтәылатәи ареспублика ашьаҭаркҩы Мустафа Кемаль Ататиурк (Аныткабир) имовзалеи ашҟа днеиуеит. Уантәи иара Бештепетәи ирезиденциахь дцоит. Уаҟа асааҭ 18:00 ихацыркхоит 5000-ҩык асасцәа злахәу аинаугурациа ацеремониа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абиуллитенқәа аус рыдулара ашьҭахь Ҭырқәтәыла апрезидент Таип Ердоган аԥхьагылара шимаз шьақәыргылахеит.

Иара идагьы алхратә биуллитень ианын: Ҭырқәтәыла иахьатәи апрезидент Таип Ердоган (Аиашареи аҿиареи рпартиаҟынтәи), Мухаррем Индже (аоппозициатә Жәлар-республикатә партиа аҟынтәи), Селахаттин Демирташ (акурдцәа ирыдгыло жәлар рдемократиа Апартиа), Мераль Акшенер (Апартиа бзиа аҟынтәи), Темел Карамоллаоглу (Анасыԥ Апартиа аҟынтәи), Догу Перинчек (апартиа "Родина" аҟынтәи).