Бырзентәыла адипломатцәа ралцара ҭакда иаанхом

Бырзентәыла аиҳабыра рофициалтә хаҭарнак Димитрис Тзанакопулос ишьақәирӷәӷәеит Урыстәыла адипломатцәа ҩыџьа атәыла ралцара аганахь ала иҟоу аинформациа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит асеиԥштәи аҭагылазаашьа аан иара иашьашәалоу аҭак ҟарҵоит ҳәа. Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Климов аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва ахҭыс аҭакс бырзентәылатәи адипломатцәа ҩыџьа атәыла ишалырцо азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аҳәынҭқарратә Думаҿ НАТО аҭак шаиуа азгәарҭеит

Иара иажәақәа рыла, абасеиԥш ада адипломатцәа ршәарҭадара аиҿкаара зыҟалом.

"Бырзентәыла НАТО иалоуп. Абри ала зегь ҳәоуп", — иҳәеит иара.

Афины адипломатцәа рганахь ала ҽыԥныҳәаны иабо аҳәынҭқарратә чынуаа аҵарҭышала рхыхреи аинформациа аизгареи аларҵәареи роуп.

Бырзентәыла аиҳабыра рофициалтә хаҭарнак Димитрис Тзанакопулос ишьақәирӷәӷәеит Урыстәыла адипломатцәа ҩыџьа атәыла ралцара аганахь ала иҟоу аинформациа. Иара убри аан иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи азин аҳаҭырқәҵара шхымԥадатәиу, аха Бырзентәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыҵшәаара хықәкны ишыҟам.