Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иабжьагаҩ иулафахәы иреиӷьу астудентцәа ириҭоит

Давид Газзати шықәсыктәи иулафахәы иреиӷьу жәаҩык астудентцәа ирзеихишеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik. Ауаажәларратә усзуҩ, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иабжьагаҩ Давид Газзати шықәсыктәи иулафахәы иреиӷьу жәаҩык астудентцәа ирзеихишеит. Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи ауниверситет жәаҩык астудентцәа 25-25 нызқь мааҭ роуит. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

"Ари иџьоушьаша акакәны избом. Сыжәлар рҵарадырреи ркультуреи адгылара аҭахны избоит. Атәыла Ахада ихаҭагьы илаԥш иҵижьуам ауниверситет. Убри инадҳәаланы Аахыҵ Уаԥстәыла аҵарадырра аизҳара бзиа аманы иҟоуп", — иҳәеит иара.

Газзати иазгәеиҭеит астудентцәа агәазыҳәара рыҭара традицианы ишьақәгылап ҳәа.