Голливуд таиландтәи ахәыҷқәа реиқәырхара иазкны акинофильм ҭырхуеит

Акинолента абиуџьет иартәоит 30 - 60 миллион доллар рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12— Sputnik. Ӡыла иҭәыз аҳаԥы ихәыҵахаз ахәыҷқәеи урҭ разыҟаҵаҩи рҭоурых сиужетс иазыҟалоит астудиа Pure Flix Entertainment лассы иҭнажьраны иҟоу акинофильм ҳәа аанацҳауеит апортал "МИР24".

Ажәбатәи ахәыҷы Таиландтәи аҳаԥы дхәыҵгоуп

Астудиа ашьаҭаркҩы, апрдиусер Маикл Скотт ахәыҷқәа реиқәырхараз имҩаԥыргоз аоперациа далахәын. Иара ихаҿы иаанхеит аиқәырхаҩцәа рфырхаҵара. Скотт иара убасгьы дрыҿцәажәеит аӡаҵаҟатәи аиқәырхаҩцәа, ахәыҷқәа рҭаацәа.

Рашәара 23 рзы 12-ҩык ашколхәыҷқәеи дара разыҟаҵаҩи аҳаԥы Тхам Луанг иаҭааит. Ахәыҷқәа аҳаԥы ианҭала ашьҭахь сааҭк ааҵуаны иаалырҟьаны аӡы шьҭыҵит, аҭыҵырҭагьы ашәаҳаит.

Ахәыҷқәа реиқәырхара аоперациа хы-мчыбжьа иагеит.