Захарова Қырҭтәыла НАТО иалалоит ҳәа Столтенберг иҳәамҭа ахҳәаа алҭеит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг уаанӡа ишиҳәахьаз еиԥш Қырҭтәыла алианс иалахәылахоит ҳәа еиҭеиҳәеит Бриуссель, ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова Қырҭтәыла НАТО иалалоит ҳәа Столтенберг иҳәамҭа ахҳәаа алҭеит, иазгәалҭеит уи ахҟьа-ԥҟьақәа шаиуа. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара уаанӡагьы иаҳҳәон, иагьаҳҳәоит алианс иалам атәылақәа ҿыц ралалара европатәи аконтинент аҿы аҭагылазаашьеи ашәарҭадареи анырра рырымҭар шамуа. Урҭ хымԥада рыхҟьа-ԥҟьақәа ҟалоит. Уи атәы ззаҳҳәо Қырҭтәыла амацарагьы акәӡам", — лҳәеит лара абрифинг аҟны.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг уаанӡа ишиҳәахьаз еиԥш Қырҭтәыла алианс иалахәылахоит ҳәа еиҭеиҳәеит Бриуссель, ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы.