Арадио

Дасаниа: иаԥаҳҵоит аԥсуа-адыга жәларқәа еицырзеиԥшу аглобалтә архив

Аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист Давид Дасаниа ардио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аԥсуа –адыга жәларқәа еицырзеиԥшу архив аԥҵара аус шадиуло, аҳәынҭқарратә усзуҩ Арсен Каноков адгылара зиҭаз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

Дасаниа: иаԥаҳҵоит аԥсуа-адыга жәларқәа еицырзеиԥшу аглобалтә архив
"Ҳара иаԥаҳҵоит аҭоурых иамбац аԥсуа-адыга жәларқәа еицырзеиԥшу аглобалтә архив. Уи аҟны еиҳарак иҟалар ҳҭахуп авидеонҵамҭакәа. Иахьазы уи уадаҩраӡам, ателефон змоу иҭихыртә дыҟоуп. Дарбанзаалакгьы икомпиутер аҟны имоуп ирацәаны анҵамҭақәа архив иҭоуҵар иҟало. Урҭ рахь иаҵанакуеит афото, авидео, агенеологиатә схема, агәалашәарақәа. Урҭ ажәлар, аҭоурых азы аинформациа зҵоу еилырганы  ҳара иаҳгартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳаиҭароуп. Уи азы асоциалтә ҳаҟны сдаҟьахь исзыиҩҩыр алшоит", — иҳәеит Дасаниа.