Франциа Урыстәыла иҟоу Ахәаахәҭратә хаҭарнакра анаркуеит

Уаанӡа Москва Париж адырра анаҭахьан, Business France франциатә азакәанԥҵара инақәыршәаны, аусура шаанкылахо азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Урыстәыла аҩныҵҟа Business France аусура еиҿызкаауа ахәаахәҭрази аинвистициақәа рзи Ахаҭарнакра адыркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ари аӡбара ихнаркәшоит Урыстәыла иҟаз Business France абиуро астатус азы акраамҭатәи аилацәажәарақәа. Business France франциатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны адипломатиатә структура иузаҟәымыҭхо хәҭаны ишьақәгылоуп", — ҳәа аҳәоит апресс-релиз.

Ацҳаражәҳәарҭаҿгьы иазгәаҭан абиуро аусура ашьақәҟьара, иазааҭгылан аиҿкаара абанктә ԥхьаӡара аусура аанкылареи адиректор атәыла иалцареи.

Амаҵзура Business France ԥхьаҟазы Урыстәыла аус зуа иҳәынҭқарратәым апартниорцәа ирнырлоит, амаҵзурақәа рнаҭалоит.