Иран Еиду Америкатә Штатқәа ирзашшит

Лаҵарамзазы Америкатәи аштатқәа рхада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Тегеран аганахь ала асанкциақәа ширҿыцуа азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Тегеран ООН Жәларбжьаратәи аӡбарҭахь иашшит Америка ганкахьала иадҟанаҵалаз асанкциақәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мохаммад Џьавада Зариф иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

МАГАТЕ: Иран ахылаԥшра ӷәӷәа амоуп

Иара иажәақәа рыла, Иран ирҭахуп Америка абарҭ асанкциақәа рзы аҭакԥхықәра ахахьы иагарц.

"Иран азакәанԥҵара зегьы иреиҳаны иаԥхьаӡоит. Америка акәзар, жәларбжьаратәи азакәан иара ишаҭаху еиԥш инарҳәы-аарҳәны ахы ианархәоит", — иҳәеит иара.

Уаанӡа Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан Вашингтон аиадертә программа ишалҵуа азы.

Лаҵарамзазы Америкатәи аштатқәа рхада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Тегеран аганахь ала асанкциақәа ширҿыцуа азы.Иара убасгьы иазгәеиҭеит Тегеран аус ацызуа атәылақәа рганахь алагьы асанкциақәа зегьы шарҿыцуа.