Путин Қырҭтәылеи Украинеи НАТО ралалара ахҳәаа аиҭеит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ааигәаа аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла ԥхьаҟазы алианс ишалало ала. Уи аҽазныкгьы далацәажәеит Бриуссель, ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз асаммит аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин абри аҳәамҭа аҭакс иҳәеит НАТО аҽырҭбаара лахь шанаҭо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Захарова Қырҭтәыла НАТО иалалоит ҳәа Столтенберг иҳәамҭа ахҳәаа алҭеит

Ателеканал Fox News аинтервиу аҭо Урыстәыла Ахада Владимир Путин иҳәеит Украинеи Қырҭтәылеи рыла НАТО иаԥшьнагаз аҽырҭбаара иаԥсаны ишимԥхьаӡо.

Урыстәыла Ахада иажәақәа рыла, алианс иамоуп алшара арҭ атәылақәа рыдкыларадагьы ҩ-ганктәи аформат ала аус рыцура.

"Асовет Еидгыла ар Германиа ианалыргоз НАТО аҽырҭбаара шыҟамло азы агәрагара ҳарҭон", — иҳәеит иара.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ааигәаа аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла ԥхьаҟазы алианс ишалало ала. Уи аҽазныкгьы далацәажәеит Бриуссель, ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз асаммит аҿы.