Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы арратә кафедрақәа аԥырхуеит

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы арратә кафедрақәа аԥырхыр алшоит азакәан ҿыц апроект инақәыршәаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы арратә кафедрақәа аԥырхырц азы азакәан апроект. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иахьатәи аамҭазы арҭ аҵараиурҭақәа рҿы арратә кафедрақәа реиԥш арратә зыҟаҵара афакультетқәагьы аус руеит.

Азакәан апроект инақәыршәаны арратә зыҟаҵара иаку рҵаратә центрны еиҿкаахоит.

Адепутат Владимир Шаманов иажәақәа рыла, азакәан ҿыц апроект хықәкны иамоуп астудентцәа рҵараҵара апроцесс еиҳа хра аманы анапхгара азура.

Иара иазгәеиҭеит арҵаҩратә еилазаара рхыԥхьаӡара ари аус анырра шазнамуа.