Ҟрым аганахь ала асанкциақәа ҟазҵо атәылақәа ирыцлеит

Ҟрыми Украинеи ирхырҟьаны европатәи атәылақәа Урыстәылатәи Афедерациа асанкциақәа адҟарҵалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Уаанӡа Евроеидгыла аӡбра аднакылахьан Ҟрыми Севостополи рганахь ала асанкциақәа мҩаԥгахарц. Уажәы урҭ атәылақәа ирыцлеит аҽа хә-тәылак ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Евроеидгыла адипломатиатә маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Евроеидгыла Ахеилак асанкциақәа рыҿҳәара инахеит 2019 шықәса ԥхынгәы 23 рҟынӡа.

"Ари аӡбра иадгылеит Черногориа, Албаниа, Норвегиа, Украина, Қырҭтәыла", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа аԥшьган 2014 шықәса хәажәкыра 6 рзы. Америка апрезидент Барак Обама инапы аҵеиҩит адҵа "Украина аҵакыра аилагара алзыршо" аофициалтә хаҿқәеи аиҿкаарақәеи аԥкра рыҭахарц.

Иаарласны уи аӡбра иадгылеит Евроеидгыла атәылақәа.