Амшын Еиқәаҿ амшынҳәақәа рышьра аҭыԥ амоуп

Амшын Еиқәа иахьаҵанакуа амшынҳәақәа зқьыла иҭахоит ҳәа азгәеиҭоит аексперт.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. 2018 шықәса рзы Севастополь ааигәара амшынҳәақәа хықәкыла рҭархара ахҭыс азгәаҭан иҳәеит Симферополь имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы Карадагтәи аҭҵаарадырратә станциа абиохимиеи афизиологиеи рлабораториа аусзуҩ Андреи Артов.абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сынтәа ҳара изныкымкәа ҳрыниеит аҟәара иҿықәжьылаз амшынҳәақәа. Урҭ рымгәақәа ԥжәаны иҟан. Сара уаанӡагьы асеиԥшқәа збахьан. Ҳара ҳгәаанагарла дара рыԥсы шҭаз иркит, насоуп ианыршь", — иҳәеит Артов.

Аҵарауаҩ апресс-конференциа алахәылацәа идирбеит, Севастополь ааигәара ирбаз, зхы хҵәаз амшынҳәа афотосахьа. Иара иажәақәа рыла ауаа ас зыҟарҵо изеилкаауам.

2017 шықәса аҩныҵҟа ҟрымтәи амшынԥшаҳәаҿы ирбеит 217 мшынҳәа рыԥсыбаҩ. 2018 шықәса актәи аԥшьымз рыҩныҵҟа — 21 цыра.