Путин Трамп ажәадгала изыҟаиҵеит Донбасс аганахь ала ареферендум мҩаԥгахарц

Владимир Путини Дональд Трампи еилацәажәеит абри аплан дмырзарц, Америка апрезидент уи азхәыцразы аамҭа иоурц азы ҳәа шьақәнарӷәӷәоит Bloomberg.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Урыстәыла апрезидент Владимир Путин Америкаа президент Дональд Трамп Хельсинки даниԥылоз ажәадгала изыҟаиҵеит Донбасстәи акризис аҭышәныртәалара авариантқәа ируакны ареферендум амҩаԥгара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Bloomberg адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амаҵзура ахаҭарнак иажәақәа рыла ареферендум мҩаԥгахар алшоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхылаԥшрала, Донецки Лугански ареспубликақәа руааԥсыра рыстатус рхала ишьақәдыргылартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭарала.

Владимир Путини Дональд Трампи еилацәажәеит абри аплан дмырзарц, Америка апрезидент уи азхәыцразы аамҭа иоурц азы ҳәа шьақәнарӷәӷәоит Bloomberg.