Никарагуа аиҳабыра ирҿагылан ақәгыларақәа шцац ицоит

Никарагуа аиҳабыра рхада Даниель Ортега иҿагылан ақәгыларақәа шцац ицоит. 90 мшы инарзынаԥшуа Никарагуа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит. Абри аамҭа иалагӡаны иҭахахьеит 350-ҩык ахәрақәа роухьеит ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23– Sputnik. Еизо ауаа апрезидент Даниель Ортега ԥхьатәара ицара дҵаны иқәдыргылоит. Убасеиԥш аизара ду мҩаԥысит асабша, Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

 Апортал Prensa адыррақәа рыла зықьҩыла ауааԥсыра злахәыз аминифистациақәа мҩаԥысит асабша аҳҭнықалақь аҿы.

 "Дыпрезидентым аха дыцәгьоуҩуп. Ортега Сомоса диҩызоуп. Наҟ дықәҵроуп", — ҳәа рнын аманифестантцәа инаргоз алозунгқәа.

 Иара убри аамҭазы Ортега идгылаҩцәагьы имҩаԥыргон амитинг.