Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Адлеиба икапан аҽшеиҭанакуа иазкны
© Sputnik
"Ҳара ҳакапан еснагь ҳахылаԥшуеит, аџьыкеи аџьыкахыши злоу, иӡны иҟоу, ахаа, ҳфар ҟалом. Иаҳфо зегьы ижәны иҟазароуп. Аԥсшьарамшқәа раан иҟалогьы иҟамлогьы зегьы еилаҵаны исфоит, аҩныҟа санаалак сымчқәа еиҭашьақәсыргылоит. Сара 77 кьыла сыҟоуп, санықәԥо – 63. Аҽазыҟаҵарақәа раан сыкапан 73 искуп, аиԥылара аамҭа ҩымчабжь шагу сыкапан агырхара салагоит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.