Бырзентәыла амцакрақәа ирыхҟьаны аԥсыҭбарақәа ыҟоуп

Бырзентәыла анапхгара аҭагылазаашьа ҷыда аларгалеит Афины ақалақь аҩада-мрагыларатәи ахәҭа иатәу араионқәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Бырзентәыла амцакрақәа ирыхҟьаны иҭахахьеит 50-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Sputnik Греция адыррақәа шьаҭас иганы.

Аџьар Ҟаԥшь аусзуҩцәа аҳҭнықалақь акурорттә раион Мати иахьаҵанакуа аҩашаҽны 26-ҩык рыԥсыбаҩқәа рбеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 50-ҩык ҭахеит, 156-ҩык аахақәа рымоуп. Урҭ рҟынтәи 16-ҩык хәыҷқәоуп, 11-ҩык рҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп.

Амцарцәараз ахархәара рыҭоуп аҳаирпланқәа, аверталиотқәа, аха урҭ ирԥырхагоуп иасуа аԥша-ӷьы.