Хеили: Урыстәыла ахаангьы иаҳҩызахом

Ԥхынгәы 16 рзы раԥхьаӡа акәны Хельсинки имҩаԥысит Урыстәыла Ахада Владимир Путини Америка Ахада Дональд Трампи реиԥылара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. ООН иҟоу ЕАШ ахаҭарнак Никки Хеили ателеканал CBN аинтервиу аналҭоз илҳәеит "Урыстәыла ахаангьы Америка иаҩызаны иҟалом" ҳәа, иазгәалҭеит Америка Урыстәыла агәра шамго. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла ахаангьы Америка иаҩызаны иҟалом" лҳәеит ООН иҟоу ЕАШ ахаҭарнак Никки Хеили ателеканал CBN аинтервиу аналҭоз.

Америкатәи адипломат лассы-лассы Урыстәыла иаҿагыло аҳәамҭақәа ҟалҵоит.

2018 шықәса ԥхынгәы 16 рзы раԥхьаӡа акәны Хельсинки имҩаԥысит Урыстәыла Ахада Владимир Путини Америка Ахада Дональд Трампи реиԥылара.