Путин иҳәоит Иемен аибашьра аанкылара дацхраарц

Урыстәыла Ахада Владимир Путин ашәҟәы изааишьҭит Иемен аполитикатә хеилак ахада Махди аль-Машат.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы, 24 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин ашәҟәы изааишьҭит Иемен аполитикатә хеилак ахада Махди аль-Машат. Ашәҟәаҟны Махди аль-Машат аҳәара ҟаиҵоит атәылаҿ аҭыԥ змоу аимак аҭышәныртәалара ацхыраара аиҭарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иара убасгьы ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп аимак аҿиара аинтерес змоу Еиду Америкатәи аштатқәа роуп ҳәа. Мраҭашәаратәи атәылақәа ирхықәку Иемени арегион егьырҭ атәылақәеи рҿы ашәарҭара аҳра ауа аҟаҵароуп ҳәа ишьоит ахеилак аиҳабы.

Уаанӡа аль-Машат иара абри аҩыза ашәҟәы изынеишьҭхьан Франциа Ахада Еммануель Макрон.

Иемен аҭагылазаашьа уадаҩхеит Амшын ҟаԥшь абаӷәазақәа руак Ходеида акәша-мыкәша. Рашәарамзазы араб тәылақәа ркоалициа, Саудтәи Аравиа зхадараҿы иҟоу, ихацдыркит аоперациа "Золотая победа", ақалақь аҟынтәи ахуситцәа ралцаразы. Махди аль-Машат ари Иемен иаҿагыло, иҵызшәаауа усны дахцәажәоит.