Израиль Шьамтәыла аҳаирплан карыжьит

Израильаа агәаанагара рыман аҳаирплан аоппозициа аотраидқәа ирҿагылан аибашьра иалахәын ҳәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьамтәылеи Израили рҳәаақәа иахьрыԥну аҭыԥқәа рҿы аибашьарақәа цоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Израильтәи аруаа Шьамтәылатәи арратә ҳаирплан "Сухой" карыжьит иара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьеланагаз азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Израильтәи аруаа Шьамтәылатәи арратә ҳаирплан "Сухой" карыжьит иара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьеbланагаз азы. Аҳаирплан Израиль аҵакырахь ҩ-километрак рҟынӡа иҭалеит. Иара карыжьит аракетақәа Patriot рыла", — ҳәа аарыцҳауеит арратә усбарҭа аҟынтәи.

Израильаа агәаанагара рыман аҳаирплан аоппозициа аотраидқәа ирҿагылан аибашьра иалахәын ҳәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьамтәылеи Израили рҳәаақәа иахьрыԥну аҭыԥқәа рҿы аибашьарақәа цоит.

Шьамтәылеи Израили рыбжьара акыр шықәса ҵуеит Голантәи аҳаракырақәа еимакны аимак-аиҿак цоижьҭеи. Уи адагьы израильаа изныкымкәа Шьамтәыла аобиектқәа ирылахысхьеит.