Џьубга-Шәача амҩаду аҿы амҩатә машәыр ӷәӷәа ҟалеит

Ԥхынгәы 24 рзы асааҭ 6:56 рзы амҩаду Џьубга-Шәача, ахәаахәҭратә центр "Красная площадь" ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25— Sputnik. Ԥхынгәы 24 рзы асааҭ 6:56 рзы амҩаду Џьубга-Шәача, ахәаахәҭратә центр "Красная площадь" ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит. Амашәыр иалахәын амаршруттә такси "Газель", апассаџьыртә автобус Hyundai арефрижератор Volvo, ҳәа аанацҳауеит "Кубань24".

Амашәыр иахҟьаны хәҩык ауааԥсыра ааха роуит. Урҭ ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Ахҭыс ахьыҟалаз инеит ацхырааҩцәа, амцарцәаҩцәа, ацхыраара ласы аусзуҩцәа.

Автотранспорт амҩасра аамҭала иаанкылоуп, абри аҭыԥ иахыкәыршаны ишьҭуп.