Урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа абилеҭқәа рыхә шьҭырхуеит

Ахәԥса аҳаракра иаҵанакуеит аҩныҵҟатәи ареисқәа реиԥш аброн зҭоу ареисқәагьы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25— Sputnik. Ааԥынразы зыхәԥса шьҭыхыз абылтәы инадҳәаланы Урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәагьы абилеҭқәа рыхәԥса шышьҭырхуа атәы рыларҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Абылтәы ахәԥса аҳаракра амаршруттә таксиқәа ртарифқәагьы анырра рнаҭоит

Агазеҭ "Коммерсант" ҵаҵӷәыс иаанагоит аилахәыра "Аэрофлот" атурагентцәа ирнаҭаз адыррақәа. Уаҟа иазгәаҭоуп зыхәԥса шьҭыхыз абылтәы инадҳәаланы Урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәагьы абилеҭқәа рыхәԥса шышьҭырхуа атәы. Арахь иаҵанакуам аилахәыра "Победа", уи ахькоммерциатәым азы.

Ахәԥса шьҭыххоит 200 мааҭ инаркны 400 мааҭ рыҩныҵҟанӡа.

Егьырҭ аҳаиртә еилахәырақәа макьаназ дыррак абри аганахь ала иҟарымҵац.

Аҳәаанырцәтәи аилахәырақәагьы амҩангара ахәԥса шышьҭырхуа атәы рҳәахьеит жәларбжьаратәи ареисқәа рҿы.