Букертәи аԥхьахә раԥхьаӡа акәны акомикс ианашьахар ҟалоит

Букертәи аԥхьахә шьаҭаркын 1968 шықәса рзы. 1969 шықәса раахыс англыз бызшәала иҩу ароман автор ианаршьоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Ирылаҳәоуп Букертәи апремиа занашьахар зылшо авторцәа рсиа. Сынтәа ари аԥхьахә аиуразы иқәыргылоуп 13 роман. Урҭ рыгәҭа раԥхьаӡа акәны ахьӡ ҳәоуп акомикс ҳәа аанацҳауеит апортал "360tv".

Аҵыхәтәантәи ашәышықәсабжаз иреиӷьу ашәҟәы ахьӡ ҳәоуп

Америкатәи асахьаҭыхҩы Ник Дрнасо играфикатә роман "Сабрина" аҟны еиҭаҳәоуп хабарда ибжьаӡыз аӡӷаб лҭоурых, уи ауаа ирызцәырнагаз агәырҩақәеи агәхьаақәеи, амассатә-информациатә хархәагақәа ишырныԥшуа ала.

"Ҳара иаҳнырит аграфикатә роман "Сабрина" — алитература бзиа иунаҭаша ацәаныррақәа рцәыргара шалшаз", — ҳәа еиҭалҳәоит аԥхьахә анашьаразы аилак иалоу Вел Макдермид.

Букертәи аԥхьахә шьаҭаркын 1968 шықәса рзы, 1969 шықәса раахыс англыз бызшәала иҩу ароманқәа иранашьахоит.