Пекин ақалақь аҿы Америкатәи ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа аԥжәара ҟалеит

Пекин ақалақь аҿы Еиду Америкатәи аштатқәа рыцҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа аԥжәара ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26— Sputnik. Пекин ақалақь аҿы Еиду Америкатәи аштатқәа рыцҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа аԥжәара ҟалеит. Уахь инеиит аполициа аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ааигәа-сигәа иҟаз ауаа ишырҳәо ала, аԥжәара амчхара дуун. Ателекамерақәа рҟны иҭыху асахьақәа иудырбоит алҩа хачылара ду.

Уажәы Пекин аҩада-мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рахь инеины иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала аполициа аусзуҩцәа.

Урҭ ашьҭазааратә усурақәа мҩаԥыргоит.