Шьамтәыла имҩаԥгаз атеррористтә цәгьоураан иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

Шьамтәылатәи ақалақь Ес-Сувеида аџьырмыкьаҿ аҽшьҩы-атеррорист иҽԥижәеит. Аԥжәара иахҟьаны 144-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, ахәрақәа роуит 178-ҩык инарзынаԥшуа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Шьамтәылатәи ақалақь Ес-Сувеида аџьырмыкьаҿ аҽшьҩы-атеррорист иҽԥижәеит. Аԥжәара иахҟьаны 144-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, ахәрақәа роуит 178-ҩык инарзынаԥшуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ақалақь аполициаҟынтәи адыррақәа хыҵхырҭас иганы.

Шьамтәылатәи аџьырмыкьаҿ аҽшьҩы-атеррорист иҽԥижәеит

Ахашаҽны, Шьамтәыла алада-мраҭашәаратәи аган иатәу ақалақь Ес-Сувеида аџьырмыкьаҿ аҽшьҩы-атеррорист иҽԥижәеит.

"Ҳара макьаназ заҟаҩ ҭахази ихәуи ииашаҵәҟьаны иҳаздырам. Уажәазы ашәҟәы иҭаҩуп 144-ҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа, ахәрақәа роуит 178-ҩык" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Атеракт амҩаԥгара ахахьы иагеит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" (ИГИЛ).

Иара убри амш аҽны атеррористцәа иакымкәа ақыҭақәа ирыжәлеит аха ржәылара аԥырҟәҟәаан.

Абри инадҳәаланы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбаратә ҳәамҭа ҟанаҵеит.