АҞӘА, ԥхынгәы 27— Sputnik. ХХ ашәышықәса алагамҭаз Иапониа ииз адунеиаҿ зегь раасҭа зықәра дуз ҳәа иԥхьаӡаз аԥҳәыс Тие Миако Иокогама ақалақь аҿы лыԥсҭазаара далҵит. Лара илхыҵуан 117 шықәса ҳәа аанацҳауеит Российская Газета.
Иапониатәи АИХқәа Иапониа агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы иазгәарҭоит лара адунеи аҿы зегьы дышреиҳабыз.
Миако диит лаҵара 2 1901 шықәса рзы.
Уажәшьҭарнахыс адунеи аҿы зегь раасҭа ақәра лымоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. 115-шықәса зхыҵуа иапониатәи ақалақь Фукуока ауаҩԥсы.