Урыстәылатәи ашьапылампыласыҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа роуеит

Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизго акоманда афинал аԥшьбатәи ахәҭаҿынӡа инеиит. Уажәы ФИФА ахьӡала 16 миллион доллар аиуеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин акоманда алахәылацәеи азыҟаҵаҩцәеи ириҭараны дыҟоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

"Асабшаҽны Урыстәыла Ахада Владимир Путин ашьапылампыл азы Урыстәыла команда алахәылацәа 23-ҩыки, азыҟаҵаҩцәа 6-ҩыки ириҭараны дыҟоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Аҳамҭаҭара ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп Кремль, Екатерина лзал аҿы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуан Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҟны. Ахәмаррақәа рыхәаԥшраз арахь иааит Америка, Колумбиа, Перу, Аргентина, Бразилиа, Кореиа, Иапониа, Саудтәи Аравии, Иран, Польша, Хорватиа, Германиа, Франциа рҟынтәи ахәаԥшцәа.