Аладатәи арратә округ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит

Аладатәи арратә округ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит. Аруаа "аӷа" дыԥхьарцоит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Аладатәи арратә округ аракетчикцәа иаалырҟьаны иргылан. Урҭ Нхыҵ Кавказ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит акомплексқәа "Искандер-М" рхархәарала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рбаҩрҵәыратә зыҟаҵарақәа зеиԥшроу гәарҭон

"Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Александр Дворников идҵала Нхыҵ Кавказ игылоу аракетатә архәҭа иаалырҟьаны иргылан, азеиԥш ар разыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны", — ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Урҭ Нхыҵ Кавказ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит акомплексқәа "Искандер-М" рхархәарала. Аруаа "аӷа" дыԥхьарцоит.

Азхьаԥшра ҷыда арҭоит аҽазыҟаҵарақәа раан арратә еилазаара рыпрофессионалтә дыррақәа.