Роберт Кочариан идукатцәа иҭакра иақәшаҳаҭым

Ермантәыла аҩбатәи Ахада Роберт Кочариан ҩымз ҳәа даанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1— Sputnik. Ермантәыла аҩбатәи Ахада Роберт Кочариан ҩымз ҳәа даанкылоуп. Иара харас идҵоуп атәылаҿ аконституциатә шьақәгылара аҵшәаара. Нанҳәа 1 азы Кочариан идукатцәа уи иазашшит ҳәа Sputnik Ермантәыла иазааицҳаит адукат Арам Орбелиан.

Ермантәыла ареспубликатә партиа апарламенттә фракциа аԥшьгарала Кочариан ихы дақәиҭтәызарц азы анапаҵаҩрақәа мҩаԥнагоит.

Sputnik Ермантәыла адыррақәа рыла, уажәазы еизгоуп 41-ҩык рнапқәа. Амш иалагӡаны ахашшаара Апрокуратура хадеи аӡбарҭеи рахь инашьҭхоит.

Азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭа аӡбрала Роберт Кочариан ҩымз ҳәа даанкылоуп. Иара атәыла аконституциатә шьақәгылашьа ҵишәаауан ҳәа ахара иидҵоуп. Кочариан иофис анапхгаҩы Виктор Согомониани идукатцәеи Кочариан иаанкылара вендеттоуп ҳәа ахырҳәаауеит.