Шьамтәыла адгылаҩцәа аҳәамҭа ҟарҵеит

Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы астанатәи аформат ала аиҿцәажәарақәа ажәабатәи рраунд мҩаԥысуан ԥхынгәы 30-31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1— Sputnik. Шьамтәыла адгылаҩцәа (Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла) аҳәамҭа ҟарҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика асуверинитет ҵызшәаауа асепаратисттә ҽазышәарақәа ишырҿагыло азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Шьамтәыла адгылаҩцәа (Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла) аҳәамҭа ҟарҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика асуверинитет ҵызшәаауа, агәыларатә тәылақәа рмилаҭтә шәарҭадара лазырҟәуа асепаратисттә ҽазышәарақәа ишырҿагыло азы", — ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы астанатәи аформат ала аиҿцәажәарақәа ажәабатәи рраунд мҩаԥысуан ԥхынгәы 30-31 рзы.