Еифельтәи абааш аамҭала иаркуп

Еифельтәи абааш Париж иналукааша ҭыԥуп. Ииасыз ашықәс азы иара иаҭааит ф-миллионҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Франциа реиҳа иӡыргоу Еифельтәи абааш ахашаҽны аҭааҩцәа рзы иадыркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абааш аркуп аперсонал аусура иахьҭымҵыз иахҟьаны.

"Абааш аркуп аперсонал аусура иахьҭымҵыз иахҟьаны. Абааш анапхгареи аперсонал рзанааҭеидгыла анапхгареи реиҿцәажәара аамҭала иаанкылоуп. Макьаназ абааш анаатуа ҳәа акгьы ҳазҳәом", — иҳәеит амаҵзура ахаҭарнак.

Абааш Twitter акаунт аҿы аинформациа цәыргоуп англыз бызшәалеи францыз бызшәалеи.

Абааш акәзар Париж иналукааша ҭыԥуп. Ииасыз ашықәс азы иара иаҭааит ф-миллионҩык ауааԥсыра.