Краснодар атәылауаҩ алотереиаҿ 75 миллион игеит

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла алотареиа ала зегь иреиҳау аԥхьахә, 506 миллион мааҭ лоухьеит Воронеж инхо аԥҳәыс.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Анасыԥ ду анцәа изқәашьитәыз Краснодар атәылауаҩ алотереиаҿ 75 миллион игеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, "Столото" апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Краснодар инхо ауаҩы 74 696 278 мааҭ игеит "Гослото "6 из 45" 3816-тәи атираж аҟны. Атираж мҩаԥган ԥхынгәы 31 рзы. Аԥхьахә зауз абилеҭ ааихәеит 400 мааҭ ҳәа", — аарыцҳауеит алотареиа аиҿкааҩцәа.

Апресс-маҵзура астатистика ала, сынтәа Урыстәыла иахьаҵанакуа 50 миллион инареиҳаны аԥхьахә заухьо фҩык ыҟоуп.