"Роскосмос" аҵарауаҩ аҳәынҭқарра амаӡақәа иҭиуан

Ааигәа ацентртә ҭҵаарадырратә институт "Роскосмос" аҟны аҳәынҭқарра зыԥсахуа ыҟоу-иҟаму реилкааразы аԥшаарақәа мҩаԥысит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Урыстәыла ацентртә ҭҵаарадырратә институт "Роскосмос" ЦНИИмаш аҵарауаҩ Виктор Кудриавцев ахара идырҵоит аинформациа маӡа бельгиатәи аинститут иаиҭон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости идукат Евгени Смирнов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Кудриавцев аматериал маӡақәа аус рыдимулоижьҭеи акрааҵуеит ҳәа иҳәоит адукат.

"Виктор 90-тәи ашықәсқәа раахыс аматериал маӡақәа аус рыдимулац", —иҳәеит иара.

ФСБ акәзар аинститут аҟынтәи агипербыжьқәа ирызкны аусурақәа рзы аинформациа НАТО атәылақәа ирзынарышьҭуан ҳәа иаԥхьаӡоит.