Акиберцәгьоуцәа Алиаскатәи ақалақьқәа руак интернетда инрыжьит

Ахакерцәа апрограмма BitPaymer ransomware ахархәарала Алиаскатәи ақалақьқәа руак интернетда иаанрыжьит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 3— Sputnik. Алиаскатәи аокруг Матануска-Суситна аҿы акомпиутертә ҳақәа акибер жәылара рызун. Ақалақь ахадара акьыԥхьга машьынкақәа цәырыргар акәхеит ҳәа аанацҳауеит апортал ВладТаим.

Акиберцәгьоуцәа ирҭахын ачиновникцәа аԥара рымырхыр.

Ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Патти Саливан аҳәамҭа ҟаиҵеит акиберцәгьоуцәа ақалақь интернетда, телефонда, електронтә ԥошьҭада ишынрыжьыз.

Иахьатәи аамҭазы аҟазауаа рҽазыршәоит асистемақәа еиҭах аус дырура.