Ашьапылампыласыҩ Смолов амҩатә машәыр ҟаиҵеит

Автомашьына BMW аԥсҟы зкыз ашьапылампылтә клуб "Краснодари" Урыстәыла еизгоe акомандеи рлахәыла Фиодор Смолов нанҳәа акы, асааҭ 01:40 рзы Краснодар ақалақь аҿы амҩатә машәыр ҟаиҵеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Автомашьына BMW аԥсҟы зкыз ашьапылампылтә клуб "Краснодари" Урыстәыла еизгоу акомандеи рлахәыла Фиодор Смолов нанҳәа акы, асааҭ 01:40 рзы Краснодар ақалақь аҿы амҩатә машәыр ҟаиҵеит. Амашәыр шыҟалаз аполициаа ишьақәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥснытәи аҵарауаҩ ашьапылампыл аԥҟарақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит

Ателеканал "360" адыррақәа рыла, амашәыр аныҟалаз Смолов амашьына аԥсҟы икӡамызт, ҽаӡәын амашьына аԥсҟы зкыз.

Амҩатә машәыр иахҟьаз аԥхасҭа ахәԥса 58 611 мааҭ итәоит.

Аполициа аусзуҩцәа Фиодор Смолов иҿахәы аниҿырхуаз иҳәеит иара шиакәыз амашьына BMW M5 First Edition аԥсҟы зкыз.

Смолов иҳәеит игәы бзиамкәа ишибаз, нас аԥсҟы шимпыҵҟьаз.

Уажәазы ашьапылампыласыҩ 15 мшы ҳәа даанкылоуп амашәыр ахьыҟалаз аҟынтәи дахьыбналаз азы.