Леди Гага лыклип иалахәыз "Зомби бой" дыԥсны дырбеит

Леди Гага лклип иалахәыз "Зомби бой" дыԥсны дырбеит. Еицырдыруа америкатәи ашәаҳәаҩ Леди Гага лҩыза дшыԥсыз шьақәлырӷәӷәеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 3— Sputnik. Леди Гага лыклип аҿы зыҽҭызхыз аканадец Рик Дженест, "Зомби бой" ҳәа псевдонимс измаз, иҽишьит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

32-шықәса зхыҵуаз Дженест ахашаҽны Монреаль дыԥсны дырбеит. Иҟоу аинформациала аԥсихологиатә проблемақәа иман.

Рик Дженест деицырдыруа дҟалеит 2011 шықәса рзы, Леди Гага лыклип "Born This Way" аҿы иҽанҭих ашьҭахь.

Иҟалаз заҳаз Леди Гага Twitter аҿы илҩит даара хьаас ишышьҭылхыз ари арыцҳара.

Леди Гага лгәаанагарала, ауаа еицхыраауазароуп, еибахьчозароуп.

Дженест Гиннес ирекордқәа Рышәҟәы данын адунеи аҿы ататуировкақәа реиҳа змоу ауаҩы ҳәа.