"Роскосмос" анапхгараҿ аиҭакрақәа ҟалоит

"Роскосмос" анапхгаҩыс 2018 шықәса, лаҵара 24 рзы иаҭаз Дмитри Рогозин рашәара 6 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аракета-космостә наплакы ахадараҿы аиҭакрақәа ҟалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik. Уаанӡа арзаҳал зыҩхьаз акосмос аусхк анапхгаҩцәак нанҳәа алагамҭазы рнапынҵақәа аанрыжьит. Ихатәгәаԥхарала инапынҵақәа нижьит Владимир Солнцев (РКК "Энергия"), Дмитри Панов (НПО "Техномаш"), Сергеи Лемешевски (НПО им. Лавочкина), Антон Жиганов ("Роскосмос" анагӡаратә директор). Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Роскомос" адиректор хада Дмитри Рогозин иаԥшьгарала анаплакаҿы акадртә ԥсахрақәа рымҩаԥгара хацыркын. Лаҵара анҵәамҭазы лмаҵура аанлыжьит Рано Джураева (ЦЭНКИ). Абри аҭыԥ аҿы лара диԥсахит Андреи Охлопков.