"Северный поток — 2" амаршрут Даниа иахыкәшоит

Альтернативатә маршрут аԥараныхра аҭаххоит аха апроект азеиԥш хәыԥса шыҟац иаанхоит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik. Австриатәи анефҭтә еилахәыра OMV анапхгаҩцәа рхеилак алахәыла Манфред Лиаитнер аҳәамҭа ҟаиҵеит Nord Stream 2 AG аоператор агазмҩангага "Северный поток — 2" Даниа иахыкәшан ицо апроект шышьақәнаргылаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

OMV "Газпром" апартниор хадацәа ируакуп агазмҩангага аргылараҿы.

Урытәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа разырхиара иаҿуп

Лиаитнер иажәақәа рыла, альтернативатә маршрут аԥараныхра аҭаххоит аха апроект азеиԥш хәыԥса шыҟац иаанхоит. Апроект азеиԥш хәыԥса иартәоит 9,5 миллиард евро.

Ииасыз амчыбжь азы Лиубмин ааигәара атрубақәа рышьҭаҵара иалагеит. Иара убри аамҭазы атрубақәа шьҭарҵоит Граифсвальдтәи аӡыбжьахалаҿгьы.

Nord Stream 2 аоператор абри аҭыԥхәҭаҿы аусурақәа рхыркәшара 2018 шықәсазы иазыԥхьагәанаҭоит.

Альтернативатә маршрут алагалатәхеит Даниа аԥыза-министр Ларс Лекке Расмуссен агазмҩангага аусура аанкылахар ҟалоит ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь.

Апроект "Северный поток – 2" аргыларазы азин ҟазымҵац Даниа заҵәык ауп.

Агазмҩангага Альтернативатә маршрут аԥараныхра аҭаххоит аха апроект азеиԥш хәыԥса шыҟац иаанхоит. иаҿагылоит мраҭашәаратәи ҳәынҭқаррақәак, хаҭала Украина.

Уи иара убасгьы иаҿагылоуп Еиду Аштатқәа.

Апроект акритика азыруеит Литва, Латвиа, Польша. Дара ргәаанагарал апроект аполитикатә ҟазшьа амоуп.

Москва акәзар апроект "Северный поток – 2" економикатә проектуп ҳәа ахырҳәаауеит.