Шәача амцакра ахьыҟаз аҭыԥ аҿы аҽа ҩ-ԥсыбаҩк рбеит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, амцакраан ааҩык ауаа ҭахеит, урҭ ирыцлеит аҽа ҩ-ԥсыбаҩк.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 3– Sputnik. Ԥхынгәы 27 рзы Шәача ақалақь ааҩык ауааԥсыра амца иалаблит. Аҭыԥ еиҳа иҭҵааны иангәарҭа ашьҭахь ирбеит аҽа ҩ-ԥсыбаҩк. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шәача амцакра иахҟьаны ааҩык ҭахеит

"Ԥхынгәы 27 рзы Шәача ақалақь  ааҩык ауааԥсыра амца иалаблит. Аҭыԥ еиҳа иҭҵааны иангәарҭа ашьҭахь ирбеит аҽа ҩ-ԥсыбаҩк. Иааидкыланы зынӡа 10-ҩык ауааԥсыра ҭахеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҭахаз рыда ахәышәтәырҭахь инаган хҩык ауааԥсыра. Иҭахаз зегьы СНГ-атәылақәа ируааԥсыроуп.

"Иблыз ахыбра хаԥышәала иргылан. Акаҳуажәырҭа адагьы аԥшәма аԥсшьаҩцәа зыҩнеиҵоз аҿахыб аман", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа агенетикатә експертиза иахрыжьуеит рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы.

Ахҭыс аганахь ала ашьаус хацыркуп, Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 238 ахәҭа 3 инақәыршәаны.