Индонезиатәи адгьылбжьахаҿы аԥсыҭбарақәа зцыз адгьылҵысра ҟалеит

Змагнитуда 6,6 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит амҽышаҽны Индонезиа адгьылбжьаха Ломбок аҿы, 49 километр ақалақь Матарам инахыкны. Атуристцәа зҭаара бзиа ирбо адгьылбжьаха Бали аҿгьы адгьылҵысра рнырит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Змагнитуда 6,6 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит амҽышаҽны Индонезиа адгьылбжьахақәа руак аҿы, 49 километр ақалақь Матарам инацәхыкны. Атуристцәа зҭаара бзиа ирбо адгьылбжьаха Бали аҿгьы адгьылҵысра рнырит. Адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 91-ҩык, ахәрақәеи аахақәеи роуит 200-ҩык ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Зықьҩыла ауаа рынхарҭақәа ирхыганы иахьшәарҭадароу аҭыԥқәа рахь ииагоуп. Ирацәоуп ааха зауз ахыбрақәа.