ФБР ԥшьҩык урыстәылауаа ааннакылеит

Иаанкыло ҩыџьа Лос-Анџьелес иҟоуп, аӡәы— Ниу-Иорк, аԥшьбатәи дахьыҟоу еилкаам.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Америка аҭҵааратә федералтә биуро иааннакылеит ԥшьҩык Урыстәыла атәылауаа. Дара ргәаанагарала, арҭ ауаа аԥаршеи усқәа рымҩаԥгара рыгәҭакын рмазара аҵәахразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла атәылауаа аанкылан нанҳәа 1 — 3 рзы. Руаӡәк даанкылан Бостон, нас Ниу-Иоркҟа дыиаган, иаанкылоу ҩыџьа Лос-Анџьелес иҟоуп, аԥшьбатәи дахьыҟоу еилкаам.

Урыстәыла аконсулра ФБР ахь азыҳәа ҟанаҵахьеит иаанкылоу ауаа рыҿцәажәаразы — иҳәоит ахаҭарнакра апресс-маӡаныҟәгаҩ Алексеи Топольски.