Ҭелла ахәышәтәырҭа амина аҵоуп ҳәа зҳәаз иус рыӡбит Шәача

2018 шықәса аԥхынразы Шәача ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел дасит идырмыз ахаҿы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. 2018 шықәса аԥхынразы Шәача ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел дасит идырмыз ахаҿы.

"Ахаҵа иҳәеит ахәышәтәырҭа амина аҵоуп ҳәа. Аполициа аусзуҩцәа иарбаз аҭыӡҭыԥ ахь инеиит. Ахәышәәтырҭа ахыбра иакәшаны иааныркылеит, акинологцәа алақәа наргеит аҭыԥ аҭҵааразы, аха иарбанызаалак шәарҭара злаз акгьы ԥшаамызт", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аоператив усзуҩцәа иаарласны ишьақәдыргылеит аҭел иасуаз ауаҩы ихаҭара. Абри ашьҭахь 46-шықәса зхыҵуаз Шәача инхоз ауаҩԥсы даанкылан. Ашьаусҭҵаара хацыркын.

Уажәы иара ҩ-шықәса иқәҵаны дҭаркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.