"Аллигаторқәа" злахәу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит

Арратә авиациа аверталиоттә ескадрилиа Ҟәбанынтәи Аԥсныҟа иааит Амшынеиқәа афлот амшынтә пехотеи Урыстәылатәи арратә базеи еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхарц.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Авертолетқәа Ка-52 "Аллигатор", Аԥсны иҟоу арратә база иаҭоу, Амшынеиқәа афлот амшынтә пехотеи Урыстәылатәи арратә базеи еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны амшын ахыхьтәи "аӷа" имчрақәа уахынла рықәгаразы азыҟаҵара-ҵаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аладатәи арратә округ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит

"Аполигон Нагвалоу амшын иаԥну аҭыԥқәа рҿы аверталиотқәа 20 инареиҳаны "аӷа икатерқәа" реиԥшхықәкы ҭадырхеит. Абри аан ахархәара рыҭан 30-мм иҟоу апушкақәеи аракетақәа "Вихрь" "Атака", — иҳәеит иара.

Уи ашьҭахь "Аллигатороқәа" ргәыԥ уахынларбагатә хархәагақәа рымчрала "аӷа" иартиллериа ҭарыԥшыхәит, иагьыршьаҟьеит.

Уаанӡа арратә авиациа аверталиоттә ескадрилиа Ҟәбанынтәи Аԥсныҟа иаахьан Амшынеиқәа афлот амшынтә пехотеи Урыстәылатәи арратә базеи еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхарц.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит нанҳәа 10 рзы.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит 2,5 нызқьҩык аруааи, 600 ак атехникеи. Арахь иаҵанакуеит атранспорт вертолетқәа Ми-8АМТШ, атанкқәа Т-72Б3.