Асад иԥҳәыс ажәлар рахь аҳәамҭа ҟалҵеит

Ахашаҽны Асаҭ иԥшәмаԥҳәыс Дамасктәи ахәышәтәырҭахь днаргеит, лгәамбзиаратә ҭагылазаашьа иахырҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Шьамтәыла Ахада иԥшәмаԥҳәыс Асма Асад шьамтәылатәи ажәлар рахь иҟалҵаз аҳәамҭа лкьыԥхьит. Лара Дамасктәи ахәышәтәырҭахь днаргеит, лгәамбзиаратә ҭагылазаашьа иахырҟьаны. Асма Асад лгәыԥҳәы акьыбатә чыра амоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара срыхәҭакуп адунеи афырхаҵара азырҵаз ажәлар. Сара сыӷәӷәара шәара шәыӷәӷәароуп изхылҿиаауа", — ҳәа лҩуеит Асма Асад Twitter аҿы.

Асма Асад диит нанҳәа 11 1975 шықәса рзы Лондон асуннитцәа рҭаацәараҿы. Асма иаекономикатә ҵарадырра лымоуп акомпиутортә технологиақәа русхк аҿы.

2000 шықәса рзы Шьамтәылаҟа нхара диасит. Асади лареи хҩык ахшара рааӡоит.