"Зимняя вишня" аҿы амцакраз ахара здырҵаз аҽшьра иҽазишәеит

Андреи Бурсин, ФГКУ "Первый отряд Федеральной противопожарной службы по Кемеровской области" амцарцәаратә маҵзура аиҳабы даанкылан ԥхынгәы 7 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Ахәаахәҭратә-центр "Зимняя вишня" аҿы амцакраз ахара идҵан. Иара аҽшьра иҽаназишәа ашьҭахь аԥсихиатриатә хәышәтәырҭахь днаргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Кемерово ахәаахәҭратә центр аныблы ашьҭахь агәаҭарақәа мҩаԥган

Бурсин идукат Ольга Куприанова аҳәамҭа ҟалҵеит иара иԥсҭазаара уажәазы ашәарҭара ишҭагылам.

Аусҭҵаара аверсиала Андреи Бурсин инапынҵақәа рынамыгӡара иахҟьеит ахәаахәҭратә-центр аҿы амцакра.

Убри аан аинтернет аҿы иара идгыланы анапаҵаҩра еизыргеит. Еизган 81,2 нызқь напынҵамҭа.

"Зимняя вишня" аҿы амцакра ҟалеит хәажәкыра 25 рзы, иҭахеит 60-ҩык. Урҭ реиҳарак хәыҷқәан.

Ариаҟара ԥсыҭбара ҟамлар алшон амцарцәаратә дырраҟаҵара аус ауазҭгьы.